Иенс Столтенберг - Нато Урыстәыла ахь адеескалациа иалагарц ааԥхьара ҟанаҵоит

Нато Урыстәыла ахь адеескалациа иалагарц ааԥхьара ҟанаҵоит , – ари атәы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг MSNB аефир аҿы иҳәеит.

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Китаи алидери Урыстәыла ахадеи еицыҟарҵаз аҳәамҭагьы дахцәажәеит. Путини Си Ӡинпини Нато ахь ааԥхьаара ҟарҵеит арҭбаара мап ацәнакырц. Столтенберг ишазгәеиҭаз ала, атәыла цыԥхьаӡа рхы иақәиҭны ахатә шәарҭадара иазку аӡбара адкылара зин рымоуп.

Иенс Столтенберг ишазгәеиҭаз ала, иҳаҩсыз ашәышықәсазы алианс арҭбаара аҭоурых аҿы иқәҿиароу хҭысны иԥхьаӡан.

Урыстәыла ахада Владимир Путини Китаи анапхгаҩы Си Ӡинпини жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа репоха ҿыц алалареи аглобалтә иҭышәынтәалоу аҿиареи ирызку аҳәамҭа иацы рнапқәа еицаҵарҩит. Кремль аланарҵәаз атекст аҿыиаҵшьны азгәаҭоуп Нато арҭбаареи шырҿагыло, Аҩадаатлантикатә алианс “аибашьра хьшәашәа” аепоха ахаантәи аидеологиа мап ацәнакырц.