Иенс Столтенберг Киев даҭааит
Иенс Столтенберг Киев даҭааит

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Киев даҭааит. Столтенберг ивизит иазкны заанаҵы аинформациа иҟамызт.

Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Михаиловтәи ашҭаҿ дыҟан.

Аҭыжьымҭа  The Kyiv Independent  иаланарҵәаз афотоҭыхымҭаҿы Столтенберг Урыстәыла иаҿагылоу аибашьра иалаӡыз ауааҧсыра рмемориалаҿ дгылоуп. Уаҵәы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Рамштаин аформат анеҩстәи аиҧылара ихы алаирхәоит. Уаҟа Украина иадгыло атәылақәа рхаҭарнакцәа Киев арратә ҭахрақәа ирылацәажәоит.