Иенс Столтенберг иҳәамҭала, Финлиандиа НАТО иалалоит уаҵәы, мшаҧы 4 рзы
«Финлиандиа НАТО иалалоит аҩашаз, мшаҧы 4 рзы», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.
«Абри ашьаҿа абзоурала, Финлиандиа ашәарҭадара иаҳа иҕәҕәахоит, Алиансгьы иаҳа иҕәҕәахоит. Ҳара, раҧхьаӡа акәны, НАТО аштаб-уадаҿ Финлиандиа абираҟ шьҭаҳхуеит», — иҳәеит Столтенберг.
Иара убас Столтенберг ишазгәеиҭаз ала, Финлиандиа НАТО алалара абзоурала, Швециа ашәарҭадарагьы иаҳа иҕәҕәахоит.