Иенс Столтенберг – Ҳара акыршықәса рыҩныҵҟа Урыстәыла арратә аҕәҕәахара мацара акәымкәа, 2008 шықәсазы ишыҟалаз еиҧш Урыстәыла ала агәылацәа ирҿагыланы амч ахархәара азгьы ҳҽазыҟаҳҵон
«Ҳара акыршықәса рыҩныҵҟа Урыстәыла арратә аҕәҕәахара мацара акәымкәа, 2008 шықәсазы Қырҭтәыла ишыҟалаз еиҧш Урыстәыла ала агәылацәа ирҿагыланы амч ахархәара азгьы ҳҽазыҟаҳҵон», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.
Аҩадаатлантикатә алианс анапхгаҩы ишиҳәаз ала, ҵыҧх акәӡам Украина аибашра ианалагаз, ари аибашьра инагӡоит 2014 шықәса инаркны, НАТО ахатә коллективтә хыхьчара, бжеиҳарала, арҕәҕәеит аибашьра хьшәашәа ашьҭахь.
Иенс Столтенберг иажәақәа рыла, аиадертә бџьари амассатә ақәхратә бџьари ахархәара ари аибашьра аҟазшьа аҧсахуеит.
Иара убас, Столтенберг ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла аиадертә политикаҿы макьана аиҭакрақәа убарҭам, абри аҩыза аиҭакрақәа иҟазҭгьы НАТО аиадертә политикагьы аҧсахра рықәшәон.