Иаха урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Украина иаахеит абаллистикатәи амҵәыжәҩатәи аракетақәеи адронқәеи рыла
Иаха урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Украина иаахеит абаллистикатәи амҵәыжәҩатәи аракетақәеи адронқәеи рыла

Иаха урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Украина иаахеит абаллистикатәи амҵәыжәҩатәи аракетақәеи адронқәеи рыла. Аурысцәа х-сааҭк рыҩныҵҟа Одессатәи атәылаҿацә иалахысуан.  Ажәылара амшала аӡәы дҭахеит,  аҩнқәеи,  абаҕәазатә обиектқәеи,  ақыҭанхамҩатә инфраструктуреи аҧхасҭа роуит.

Украиназы ажәылара иалахәын урыстәылатәи астратегиатә авиациагьы.

Урыстәылатәи арратә ҳаирпланқәа Киев ахырхарҭала амҵәыжәҩатә ракетақәа дәықәырҵеит. Украина аҳаирхыхьчаратә системақәа аракетақәа зегьы иқәырхит.

Украина Аштаб хада адыррала,  украинатәи ар Запорожтәи атәылаҿацәаҿ ақәҿиарақәа рымоуп.

Украина ахыхьчаратә мчқәа Бахмуҭтәи Мелитопольтәи ахырхарҭақәа рыла ажәыларатә операциа мҩаҧыргоит.