Иахьазы Қырҭтәыла инхоит Аҩбатәи адунеитә еибашьра 173-ҩык алахәылацәа
Иахьазы Қырҭтәыла инхоит Аҩбатәи адунеитә еибашьра 173-ҩык алахәылацәа

Иахьазы Қырҭтәыла инхоит Аҩбатәи адунеитә еибашьра 173-ҩык алахәылацәа, урҭ рҟынтә аӡәы 103 шықәса ихыҵуеит, -ари атәы аарыцҳаит  Аветеранцәа рдепартаментаҟынтә.

Иахьа, лаҵара 9 рзы  Афашизм Аиааира 77 шықәсатәи аиубилеи азгәарҭоит.

1945 шықәса лаҵара   8 рзы, Германтәыла акапитулиациа ашьҭахь, Аҩбатәи адунеитә еибашьра хыркәшан. Лаҵара  9 афашизм аҵархара мшны ирылаҳәан.  Аҩбатәи адунеитә еибашьра аан Қырҭтәыла ацәыӡ ду аиуит  –   300 000-ҩык раҟара ҳтәылауаа ҭахеит.