Иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит Швециа апринцесса  Викториа
Иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит Швециа апринцесса  Викториа

«Швециа апринцесса  Викториа Қырҭтәыла даҭаауеит хәажәкыра  29-30 рзы», — ари атәы аанацҳаит Қырҭтәыла иҟоу Швециа ацҳаражәҳәаҭа.

Адырра ишану ала, апринцесса Викториа Қырҭтәыла ахадеи Евроеидгыла Анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәеи дырҧылоит.

«Зыӡбахәы ҳоу авизит мҩаҧысуеит Швециа Евроеидгыла ахеилакаҿ ахантәаҩра анамоу аамҭазы. Евроеидгыла ахеилакаҿ Швециа ахантәаҩраан ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәа иреиуп Евроеидгылаҿ атәылауаҩратә кризисқәа рхылаҧшра аҵакы ду азгәаҭареи Евроеидгыла атәылауаҩратә миссиақәа рырҕәҕәареи. Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшратә миссиа ибзиаӡаны аанарҧшуеит атәылауаҩратә миссиақәа аҭышәынтәалара аиқәыршәареи, ашәарҭадара арҕәҕәареи, дара иахьыҟоу атәылақәа рҿы агәреибагара аизырҳареи ишацхраауа. Иара убас, лвизит ала апринцесса даҽазнык аалырҧшыр лҭахуп ҳтәылақәа аиҩызара дуи апартниорра ҕәҕәеи шрыбжьоу», — иануп ацҳаражәҳәарҭа адырраҿы.