Иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит Германтәыла Аҵареи аҵарадырреи рзы афедералтә министрра апарламенттә аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ
Ҧхынгәы 11-14 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Германтәыла Аҵареи аҵарадырреи рзы афедералтә министрра апарламенттә аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Иенс Бранденбург.
Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа адыррала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иенс Бранденбург Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рминистр Гьаргь Амилахварии, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Мзиа Гиоргобиании, иара убас, Қырҭтәыла аус зуа германтәылатәи аилахәырақәа рхаҭарнакцәеи дырҧылоит.
Ацҳаражәҳәарҭа адыррала, Бранденбург, иара убас, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университети Илиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә университети рректорцәеи, Русҭавели ихьӡ зху аҵарадырратә фонд адиректори, еиуеиҧшым аҵарадырраҭҵааратә институтқәа рхаҭарнакцәеи дырҧылоит.