Иахьа Қарҭ "Ашықәс ҿыцтәи" ақыҭа аартхоит

Қарҭ ахадара аиҿкаарала, иахьа, ԥхынҷкәын 24 рзы, Орбелиани ишҭе, Мшаԥы 9 абаҳчеи, Ацҳа ҩеи, Дедаена абаҳҷеи рҿы “Ашықәс ҿыцтәи ақыҭақәа” аартхоит.

“Ашықәс ҿыцтәи ақыҭаҿ”  еиуеиԥшым ақәра змоу ауааԥсыра ажьырныҳәа 14-нӡа агәырҿыхаратә уснагӡатәқәа ирыдаргалоит.

“Ашықәс ҿыцтәи ақыҭақәа” рҿы ауааԥсыра ирыдаргалоит Ашықәс ҿыцтәи адекорациақәа, аинсталлициақәа, асинтетикатә ҵаа иалху аҵаақәшьқьрааратә дәы, иаарту акинотеатр, аџьармыкьа, ахаамыхаақәа робиектқәа уҳәа уб. егь.

Ашықәс ҿыцтәи ақыҭа ажьырныҳәа 14 рзы агала концертла ихыркәшахоит.