Иахьа инаркны киевтәи ашколқәа рҿы аҵара анахарала нагӡахоит
Иахьа инаркны киевтәи ашколқәа рҿы аҵара анахарала нагӡахоит

Хәажәкыра 28 инаркны киевтәи ашколқәа рҿы аҵара анахарала нагӡахоит.

Киев ахада Витали Кличко иҟаиҵаз аҳәамҭала, аҵаратә курсқәа ақалақь аҿы иҟоу аҭагылазаашьаҿ аҵаразы адаптациа змоу аплатформақәа рыла нагӡахоит.

“Ақалақь аԥсы ҭазароуп, аибашьра иахәамԥшыкәа аусура наҳагӡоит. Ҳаршәара рҭахуп, аха ари ирылшом,” – иҳәеит Кличко.

ЕАР аинформациа ала, Урыстәыла ажәылара ашьҭахь украинатәи ахәыҷқәа реиҳараҩык атәым дгьыл ашҟа ихҵәеит.