Иахьа ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс «Евровизиа-2025» афиналтә шоу мҩаԥгахоит - асааҭ 20:00 рзы ишиашо атранслиациа Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы
Иахьа ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс «Евровизиа-2025» афиналтә шоу мҩаԥгахоит - асааҭ 20:00 рзы ишиашо атранслиациа Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы

Қырҭтәыла имҩаҧысуеит «Ахәыҷтәы Евровизиа  2025» — афиналтә шоу мҩаҧгахоит  ҧхынҷкәын 13, асааҭ  20:00 рзы.

Ҧхынҷкәын 13 рзы имҩаҧысуа ашоу ишиашо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.

Европатәи ахәыҷтәы конкурс рхы аладырхәоит  18 ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа, урҭ дреиуп Қырҭтәыла ахаҭарнакгьы, апроект  «Ранина» аиааирагаҩы  Анита Абгариан.

Онлаин-абжьыҭира аҽалархәра ҟалоит Қырҭтәыла аҩныҵҟагьы, адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтәгьы.

Абжьыҭира ҟалоит асаит jesc.tv аҿы, уи қарҭтәи аамҭала асааҭ 20:00 рзы хыркәшахоит.