Иахьа апарламент ахыбра аҩналара арежим иҧкызаауеит

10:11, 30.06.2023

Қырҭтәыла апарламент аҳәамҭа аланарҵәеит  азакәанҧҵаратә орган аҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьақәа рырҕәҕәара иазкны.

«Рашәара 30 рзы Қырҭтәыла апарламент ахани уи иаҧну аҵакырадгьыли аҿы, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы ишьақәиргылаз арегулиациақәа ( 2016 шықәса ԥхынҷкәын 30 N259/3) ирышьашәаланы, амч амазаауеит апарламент ахыбра аҩналара иҧку арежим, акредитациа змоу ажурналистцәа ари арежим рыдкьыслом.

Ари ауснагӡатә хықәкыс иамоуп Қырҭтәыла апарламент адепутатцәеи аппаратә аусзуҩцәеи ршәарҭадара ахьчареи аусуратә ҭагылазаашьақәа реиқәыршәареи», — иануп аҳәамҭаҿы.

Иахьа Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили, есышықәсатәи аҳасабырба ала апарламентаҿ дықәгылоит.

Еиԥшу