Иапониа аҧыза-министр иаалырҟьаны Польша даҭааин,  Матеуш Моравецки диҧылеит
Иапониа аҧыза-министр иаалырҟьаны Польша даҭааин,  Матеуш Моравецки диҧылеит

Иапониа аҧыза-министр Фумио Кишида иаалырҟьаны Польша даҭааин,  аҧыза-министр Матеуш Моравецки диҧылеит.

Фумио Кишида   Украина иацхраауа  Матеуш Моравецки адгылара дақәиргәыҕит.

Иапониа аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала,  лаҵарамзазы имҩаҧысраны иҟоу  G7 аиҧылараҿы, иара,  G7 аҿы ахантәаҩра змоу атәыла анапхгаҩы иаҳасабала, иаҵшьны иазгәеиҭоит Польшаҟны аусеицура анагӡареи Украина жәларбжьаратәи адгылара азаарҧшреи  ахымҧадара.

Фумио Кишида атәыла ахада Анџьеи Дудагьы диҧылеит.

Иапониа аҧыза-министр,  Польшаҟа днеиаанӡа, Украина дыҟан. Иара Владимир Зеленски даниҧылоз,   G7 асаммитахь ааҧхьара ииҭеит.