Иапониа анапхгара,   Китаи иалҵуа иапоаниатәи аилахәырақәа 2,2 миллиард адоллар рзоурышьҭуеит  
Иапониа анапхгара,   Китаи иалҵуа иапоаниатәи аилахәырақәа 2,2 миллиард адоллар рзоурышьҭуеит  

 

Иапониа, ахатә аилахәырақәа ирыбжьанагоит Китаи иалҵырц.

«Аль џьазира» аинформациа инақәыршәаны, атәыла аиҳабыра, аекономикатә стимул рыҭаразы, зеиҧшҟамлац апакет ду шьақәдырҕәҕәеит, уи инақәырышәаны, акоронавирус апандемиа аҿагыларазы, иапониатәи аилахәырақәа 2,2 миллиард адоллар ацхыраара рзоурышьҭуеит. Ари аҧара роуеит Китаинтә Иапониаҟа ихынҳәуа иапониатәи аилахәырақәа. Иара убас, егьырҭ атәылақәа рҟынтә Иапониаҟа ихынҳәуа аилахәырақәагьы 200 000 адоллар ацхыраара роуеит.

Китаи иапониазы зегьы реиҳа идуу ахәаахәҭратә партниорцәа иреиуп. Аха, акоронавирус аларҵәара амшала, атәылаҿы ааглыхратә процесс аанкылоуп. Жәабран азы Китаинтә аимпорт ҩынтә имаҷын. Убри аҟынтә, иапониатәи аилахәырақәа зда ҧсыхәа рымам аресурсқәа рыда иаанхеит.