Иапониа аԥыза-министрс Санае Такаичи далхуп. ВВС аинформациа ала, Иапониа аҭоурых аҿы аԥҳәыс аԥыза-министрс раԥхьаӡа акәны далхын.
Иапониа апарламент аиҳара аиуразы 233 бжьы аҭахын, Такаичи 237 бжьы лоуит
Санае Такаичи Иапониа “Алибералтә-демократиатә партиа” напхгаҩыс жьҭаара 4 рзы далхын. Ари Иапониаҿ зегь реиҳа идуӡӡоу партиоуп.
“Хықәкыс исымоуп Иапониа аихатә-ледис аҟалара”, – илҳәеит Такаичи алхраԥҳьатә лкампаниаан.