Иԥсҭазаара далҵит актиор Жан Поль Бельмондо. Ари атәы аарыцҳаит франциатәи аих.
Актиор 50 шықәсатәи акариера иман. Уи 80 фильмқәа ихы алаирхәит. Бельмондо ҷыдала ддыруп афильм “Апрофессионал” ала. 1989 шықәсазы уи Франциатәи акиноакадемиа аԥхьахә “Сезар” ианашьан.
2011 шықәсазы Кантәи акинофестиваль аҿы акино аҿы илагала ду азы Апальма ахьтәы амахә иоуит.