Ҳелоуин аан Аладатәи Корреиа иҭахаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара азҳаит 151ҩык рҟынӡа
Аладатәи Кореиа иҟалаз арыцҳара инамаданы, атәылаҿ алахьеиқәҵаратә мшқәа рылаҳәоуп. Агентра «Реитер» адыррала, Ҳелоуин аан Аладатәи Корреиа иҭахаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара азҳаит 151ҩык рҟынӡа. Иҭахаз иреиуп 19ҩык атәымтәылауаа.
Аахақәа зауз даҽа 80ҩык рҟынтә 19ҩык цәгьала иҟоуп. Иҭахаз реиҳара аҿар роуп.