Гьаргь Каландаришвили – Келли Дегнан иҟалҵаз аҳәамҭа аилыркаарақәа рацәа ахылҵит, сара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит аполитикатә хықәкқәа рынагӡаразы абри аҭоурыхтә алхратә процесс ҧырхага азаарымгарц

20:12, 21.08.2023

«Алхыҩцәа аинформациа рыҭареи рдырра аизырҳареи  алхратә процесс азы аҵакы ду амоуп, ҳара уи аадыруеит, уи ҳшақәшаҳаҭу убарҭоуп Алхратә комиссиа хада астратегиатә планқәеи ауснагӡатәқәеи рылагьы», — иҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили.

Иара иажәақәа рыла, иахьазы 15 нызқьҩык аволонтиорцәа алхратә технологиақәа рзы иазыҟаҵоуп.

«Иаанхаз шықәсыкибжаки рыҩныҵҟала ари апроцесс нагӡахоит, иаҳа иҭбаахоит. Ари апроцесс иацхраауеит еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы Алхратә комиссиа хадаҿы имҩаҧгаз аҧышәаратә проектқәа. Убри адагьы,  алхратә процесс аартызаара еиқәзыршәо  азакәантә нормагьы иҟоуп. Алхратә администрациа ари ахырхарҭала жәларбжьаратәи апартниорцәа аус рыцура иазыхиоуп», — иҳәеит  Каландаришвили.

Иара убас,  Гьаргь  Каландаришвили  ишазгәеиҭаз ала,  Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан иҟалҵаз аҳәамҭа аилыркаарақәа рацәа ахылҵит.

«Сара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит аполитикатә хықәкқәа рынагӡаразы абри аҭоурыхтә алхратә  процесс ҧырхага азаарымгарц,  алхыҩцәа зегьы зыӡбахы ҳәоу апроцесс рхы алархәны,  атәылаҿ иҳаракӡоу аҩаӡараҟны алхрақәа рымҩаҧгара иацхраарц», — иҳәеит Гьаргь  Каландаришвили.

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан  «Арадио Ахақәиҭра» аинтервиу аҿы илҳәеит: «Сара алхыҩцәа ирыбжьазгар сҭахуп абжьыҭира рхы аладырхәырц. Шәара агәра ганы шәыҟазароуп шәыбжьы шраҳауа. Америка лабҿаба иаабеит аелектронтә системалагьы алхрақәа рҧаршеира шыҟало. Ауаа ари асистема рхы ишадырхәаша рзымдыруазар, уи аус ишауа рзымдыруазар, алхрақәа рылҵшәақәа рҧаршеира ҟалоит», — илҳәеит  Келли Дегнан.

 

Еиԥшу