Вика Ҧилҧани – „Ақырҭуа гәахәтәи“ ахаангьы „Амилаҭтә ҵысра“ аилаҳара иақәшаҳаҭхом

13:48, 08.07.2026

Гьаргь Гахариа аӡбаратә процесс аҽалархәра азин анирымҭо, аполитикатә партиақәа рлидерцәеи аҿари рхатә ҭаацәарақәа рбара азин анрырымҭо аамҭазы,  Михаил Саакашвили абахҭантә апартиа анапхгараҭареи аилацәажәарақәа рымҩаҧгара злаилшои, – илҳәеит апартиа  „Қырҭтәылазы“ алахәыла Вика Ҧилҧани.

Лара лажәақәа рыла, Биӡина Иванишвилии  „Ақырҭуа гәахәтәи“ ахаангьы „Амилаҭтә ҵысра“ аилаҳара иақәшаҳаҭхом.

„Ақырҭуа гәахәтәы“  „Амилаҭтә ҵысра“ иқәгылоуп. Аҩныҵҟатәи аҳәатәеиқәымшәара, алхрақәа уҳәа, абри зегьы алацәажәара иахәҭам, избанзар, иахьа ҳтәылауаа Амилаҭтә ҵысра аҩныҵҟатәи апроблемақәа раасҭа иаҳа зҵакы дуу апроблемақәа рымоуп“, – илҳәеит Ҧилҧани.

Еиԥшу