Гудаури-Коби амҩатә цыҧҵәахаҿы автотранспорт сахьақәак рыла аиҭаҵра ҟалом
Гудаури-Коби амҩатә цыҧҵәахаҿы автотранспорт сахьақәак рыла аиҭаҵра ҟалом

Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵнакуа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аинформациала, жәларбжьаратәи аҵакы змоу  Мцхеҭа-Степанҵминда-Ларс  автомобилтә трасса Гудаури (Ԥоста)-Коби аҵыҧҵәахаҿы асоуреи аҵааи амшала,  ацраҳәагақәа змоу амашьынақәа рыла аиҭаҵра ҟалом.

Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз, егьи атранспорт зегьы аиҭаҵра алшоит.

Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аинформациала, Гудаури (Ԥоста)-Коби  амҩатә цыҧҵәахаҿы атранспорттә хархәагақәа иаанымгылакәа еиҭаҵроуп, асыҧса аҽацәыхьчаратә аҳапкылҵәақәа мацара рыла. Абри арежим ала аиҭаҵра иахылаҧшуеит апатрультә полициа.