Гудаури иҟалаз арыцҳара инамаданы, рашәара 30 алахьеиқәҵаратә мшуп
Гудаури иҟалаз арыцҳара инамаданы, рашәара 30 алахьеиқәҵаратә мшуп

Гудаури иҟалаз арыцҳара инамаданы, рашәара 30 алахьеиқәҵаратә мшуп – иазгәаҭоуп Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟиаҵаз аҳәамҭа аҿы.

Аԥыза-министр иҭахаз рыуацәа дрыдашшылоит.

«Аекипаж алахәылацәеи аиқәырхаҩцәеи, амедикцәеи Гудаури аҵәиԥрыга акаҳара амзызла иахьҭахаз даараӡа сгәы иалсит.

Иҭахаз ауаа рыуацәа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, ҳауааԥсыра срыдашшылоит.

Ари арыцҳара ду инамаданы, атәылаҿ рашәара 30 алахьеиқәҵаратә мшхоит», — иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.