Гвадалахара Қарҭынтә аиуит Иунеско ашәҟәқәа адунеитә аҳҭнықалақь астатус
Гвадалахара Қарҭынтә аиуит Иунеско ашәҟәқәа адунеитә аҳҭнықалақь астатус

Гвадалахара Қарҭынтә аиуит Иунеско ашәҟәқәа адунеитә аҳҭнықалақь астатус, –ари атәы аанацҳаит Қарҭтәи ахадара апрессмаҵзура.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, астатус аҭара ацеремониа Гвадалахара мҩаԥган, уи рхы аладырхәит Қырҭтәыла аофициалтә делегациа.

Қарҭ Иунеско ашәҟәқәа адунеитә аҳҭнықалақь астатус анашьан 2021 шықәса мшаԥы 23 рзы. Ашықәс иалагӡаны имҩаԥган 50 иреиҳаны ауснагӡатәқәеи апроектқәеи.