«Guardian» адыррақәа рыла,  2021 шықәсазы Қырҭтәыла иреиҕьу атуристтә хырхарҭақәа иреиуп
«Guardian» адыррақәа рыла,  2021 шықәсазы Қырҭтәыла иреиҕьу атуристтә хырхарҭақәа иреиуп

 

 

«Guardian» аланарҵәеит  2021 шықәсазы аҧыжәара зауа атуристтә хырхарҭақәа рсиа. Асиа иануп Қырҭтәылагьы, лымкаала, Ҟазбеги амуниципалитет.

Еиуеиҧшым аҭыҧқәа рыгәҭа асиа иануп Кыргызтан аҳҭнықалақь Бишкеки, Шотландиа мрҭашәаратә аҟәареи, иара убас, Глазгои, британиатәи адгьылбжьаха Ланди,  ақалақь Иорки, абаҕәазатә ақалақь Уитбии,  Аҩадатәи Иоркшири, Котсуолди, Фарертәи адгьылбжьахақәеи, Украинеи, Мавританиеи.