Григол Лилуашвили - Аибашьраан ампыҵахалаҩцәа импыҵахалоу арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра рхы иадырхәон, импыҵахалоу украинатәи арегионқәа рҿы ацхыраара афактқәа аарҧшуп
Григол Лилуашвили - Аибашьраан ампыҵахалаҩцәа импыҵахалоу арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра рхы иадырхәон, импыҵахалоу украинатәи арегионқәа рҿы ацхыраара афактқәа аарҧшуп

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгаҩы Григол Лилуашвили иҳәамҭала,  2023 шықәсазы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә амилаҭтә шәарҭадара  аганахьала зегьы реиҳа идуу шәарҭас иаанхеит Урыстәыла ала Қырҭтәыла арегионқәа рымпыҵахалареи уи иахылҵуа апроцессқәеи.

„Урыстәыла-Украинатә еибашьра шынагӡогьы,  иҳаҩсыз ашықәс азы Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы игылоу аурыс арбџьармчқәа активла арратә усмҩаҧгатәқәа нарыгӡон, урҭ рыбжьара  –  азакәандаратә арратә азыҟаҵарақәеи ахатә аилазаара аротациеи.

Урыстәыла аладатәи арратә округ абыжьбатәии аҧшьбатәии арратә базақәа рыруаа рыхәҭак урыстәыла-украинатәи еибашьра иалахәып,  ампыҵахалаҩцәа импыҵахалоу арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра рхы иадырхәон. Украина импыҵахалоу арегионқәа рҿы Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рҟынтә еиуеиҧшым аформала ацхыраара афактқәеи ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа рвизитқәеи аарҧшын“, – иҳәеит Григол Лилуашвили апарламентаҿ данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы Қырҭтәыла имыпҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы  игылоу аурыс арбџьармчқәа активла арратә усмҩаҧгатәқәа нарыгӡон, урҭ рыбжьара  –  азакәандаратә арратә азыҟаҵарақәеи ахатә аилазаара аротациеи.

„Иара убас, хшыҩзышьҭра ҷыда азутәуп импыҵахалоу Пицунда иҟоу аҳәынҭқарратә аҧсшьарҭаҭыҧ Урыстәыла аҭара афакт. Ари апроцесс  2022 шықәсазы иалагеит, аханатә, имыпҵахалоу арегион иқәынхо ауааҧсыра апротест ҕәҕәа ҟарҵеит, аха,  2023 шықәса анҵәамҭаз, аоппозициатә лидерцәа рыхәҭакгьы аҧсшьарҭаҭыҧ Урыстәыла аҭара иақәшаҳаҭхеит. Пицундатәи аҧсшьарҭаҭыҧ Урыстәыла аҭара азҵаара  аҵакы ду аман ҳәа ҳгәы иаанагоит.  Абри афакт ала Москва даҽазнык аанарҧшит  импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы изакәызаалак апротест иарбанзаалак алҵшәак шахылымҵуа.  Насгьы, ауаа ргәынамӡара армаҷра амзызла, ампыҵахалаҩцәа аинформациа ҧаршеи аладырҵәон зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра мап ацәкра Қырҭтәыла анапхгара ринтересқәа ирыҵанакуеит, Урыстәылеи имыпҵахалоу Аҧсни реизыҟазаашьақәа ирҧырхагахоит  ҳәа“, – иҳәеит Григол Лилуашвили.