Григол Лилуашвили  - 2023 шықәсазы амч ахархәарала аҳәынҭқарратә аарҳәра мҩаҧыргар шырҭахыз шьақәзырҕәҕәо ашаҳаҭгақәа иаарту ақәыҧшылараҿ иҟоуп, иҵегьы ирацәаӡаны аматериалқәа  раамҭа ааира иазыҧшуп  
Григол Лилуашвили  - 2023 шықәсазы амч ахархәарала аҳәынҭқарратә аарҳәра мҩаҧыргар шырҭахыз шьақәзырҕәҕәо ашаҳаҭгақәа иаарту ақәыҧшылараҿ иҟоуп, иҵегьы ирацәаӡаны аматериалқәа  раамҭа ааира иазыҧшуп  

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгаҩы Григол Лилуашвили иҳәамҭала, ҵыҧх адәныҟатәии аҩныҵҟатәии амчқәа  амч ахархәарала аҳәынҭқарратә аарҳәра мҩаҧыргар шырҭахыз шьақәзырҕәҕәо ашаҳаҭгақәа иаарту ақәыҧшылараҿ иҟоуп, иҵегьы ирацәаӡаны аматериалқәа  раамҭа аиаанӡа иазыҧшуп.

Лилуашвили абри аҩыза аҳәамҭа аҟаҵаразы шьаҭас имои ҳәа ианиазҵаа,  абас аҭак ҟаиҵеит:

„Абарҭ ахҭысққәа шәареи ҳареи ишаабоз имҩаҧысуан. Ҵыҧх,  абрифинг анымҩаҧгаз,  уаҟа  „Канвас“ иалацәажәон,  аконкреттә акторқәа ирылацәажәон. Абрифинг ашьҭахь мчыбжьык анҵы,  абри зегьы апрактикаҿы инагӡан.   Ашаҳаҭгақәа ибзианы иҭышәҵаазар ҟалап,  урҭ иаарту ақәыҧшылараҿы иҟоуп. Егьирахь,  аматериалқәа рацәаӡаны раамҭа аиаанӡа иазыҧшуп“, – иҳәеит Григол Лилуашвили.