Гостомельтәи арратә администрациа анапхгаҩы ишааицҳаз, ақалақь 400-ҩык анхаҩцәа хабарда иӡит
Гостомельтәи арратә администрациа анапхгаҩы ишааицҳаз, ақалақь 400-ҩык анхаҩцәа хабарда иӡит

Урыстәылатәи ампыҵахалара 35 мшы ирылагӡаны, Гостомель ақалақь 400-ҩык анхаҩцәа хабарда иӡит. Ари атәы аарыцҳаит украинатәи аихқәа Гостомельтәи арратә администрациа анапхгаҩы Тарас Думенко  иҟынтә адырра ҵаҵӷәы аҭаны.

“Ауаа ихьыршьыз иаинформациа ҳамоуп, аха урҭ рыԥшаара ҳалымшеит.

Гостомель ахырхарҭала, амҩаҿ изеихсыз машьынақәа кажьын, амашьынақәа иҭаршьыз ауаа раҵәоуп, урҭ иреиуоуп ахәыҷқәа, аха џьоукы рыԥсыбаҩқәа ԥшаам,” – иҳәеит Тарас Думенко.