Гоча Лордқиҧаниӡе Гаагатәи аӡбараҿы ҭоуба иуит [видео]
Гаагатәи жәларбжьаратәи аӡбараҿы ҿыц иалху аӡбаҩцәа рҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаҧган. Егьырҭ фҩык аӡбаҩцәа рыгәҭа, ҭоуба иуит Қырҭтәыла аиустициа аминистр Гоча Лордқиҧаниӡе.
Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, Гаагатәи аӡбара аӡбаҩцәа рпанынҵақәа рынагӡара иалагоит ҧыҭраамҭак ашьҭахь.
«Гоча Лорҭқиҧаниӡе — раҧхьатәи ақырҭуа иоуп жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбара аӡбаҩыс иалху. Ҳтәыла Гаагатәи аӡбараҿы хаангьы ахаҭарнак дамамызт. Алхрақәа мҩаҧган ҵыҧх, ҧхынҷкәын 19 рзы. Гоча Лордқиҧаниӡе икандидатура иадгылеит 76ҩык аделегатцәа. Иара 9 шықәса аҿҳәара иҭаны далырхит.
Гоча Лордқиҧаниӡе Гаагатәи аӡбараҿы аӡбаҩ иаҳасабала аусура далагаанӡа, Қырҭтәыла аиустициа аминистрс аусура наигӡоит», — иануп Аиустициа аминистрра аҳәамҭаҿы.