Гыртәыла аӡиас Техура ахыҵра амшала,  "Иеиду аӡылеиқәыршәара" аинфраструктура аҧхасҭа ду аиуит,  32 000 абонентцәа аӡыржәтә рымам
Гыртәыла аӡиас Техура ахыҵра амшала,  "Иеиду аӡылеиқәыршәара" аинфраструктура аҧхасҭа ду аиуит,  32 000 абонентцәа аӡыржәтә рымам

Ақәоурацәгьа амшала Гыртәыла аӡиас Техура хыҵын, “Иеиду аӡылеиқәыршәара” аинфраструктура аҧхасҭа ду аиуит.

«Уажәтәи аетапаҿ  иуадаҩу арельефи аӡы рацәеи амшала”Иеиду аӡылеиқәыршәара”  аҧхасҭа арҽеиреи аинфраструктура аиҭашьақәыргылареи азы алшара иҟам. Аӡиас Техура ахыҵра амшала, аилатәара атехникатә гәыҧ аҭыҧаҟынӡа изнеиуам. Аха, уезгьы, Гыртәыла иҟоу “Иеиду аӡылеиқәыршәара” аусзуҩцәа аҭыҧаҿ ирылшо аусурақәа мҩаҧыргоит. Сенакии Ҧуҭи  32 000 абонентцәа аӡыржәтә рымам. Аилахәыра аҭыҧантәи ауааҧсыра рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭанаҵоит», — иануп аҳәамҭаҿы.