Гитанас Науседа - Евроеидгыла Қырҭтәылеи Молдовеи аанрмыжьроуп, урҭ ирымоу европатәи гәахәтәы мап ацәырымкырц иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп
“Қырҭтәылеи Молдовеи рԥеиԥш рхала ирыӡбарц Кремль иҭахӡам, арҭ атәылақәа рҿы адемократиатә процессқәа аԥырхагаразы азы илшо зегь ҟанаҵоит”, – иҩит Литва ахада Гитанас Науседа Твиттер аҿы.
Науседа иажәақәа рыла, арҭ атәылақәа, ажәларқәа ирымоу европатәи гәахәтәы мап ацәырымкырц ирылшо зегь ҟарҵароуп.
“Урыстәыла Евроеидгыла агәыла тәылақәа рҿы агибридтә операциақәа рырҭбаара иаҿуп. Ари иубарҭоуп Қырҭтәыла имҩаԥысыз апарламенттә алхрақәеи, Молдова имҩаԥысыз Евроеидгыла ашҟа алалара иахкыз ареферендуми рыла. Евроеидгыла Қырҭтәылеи Молдовеи аанмыжьроуп, урҭ ирымоу европатәи гәахәтәы мап ацәырымкырц иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп”, – иҩит Гитанас Науседа.