Гитанас Науседа - Украинеи Молдовеи Евроеидгыла ралаларазы аиҿцәажәарақәа ралагареи, Қырҭтәыла акандидат статус анашьареи рзы аполитикатә аӡбара аконсолдиациа аҵак хада амоуп
Гитанас Науседа - Украинеи Молдовеи Евроеидгыла ралаларазы аиҿцәажәарақәа ралагареи, Қырҭтәыла акандидат статус анашьареи рзы аполитикатә аӡбара аконсолдиациа аҵак хада амоуп

Евроеидгыла арҭбаара иаҳа ишәарҭам, иҭышәынтәалоу, аҿиара змоу Европахь мҩа заҵәык ауп, ари алшара ацәыӡра зин ҳамаӡам, – иҳәеит Лиетува ахада Гитанас НАуседа Таллин, Балтиатәи атәылақәа рхадацәа рҟны аиԥылараҿы.

Естониеи, Лавтиеи, Лиетувеи рхадацәа Евроеидгыла арҭбаара аҵакы иахцәажәеит.

“Хымш рышьҭахь Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи рԥеиԥш иадҳәаланы ахеилак зыда ԥсыхәа иҟам аӡбара аднакылароуп. Украинеи Молдовеи Евроеидгыла ралаларазы аиҿцәажәарақәа ралагареи, Қырҭтәыла акандидат статус анашьареи рзы Евроеидгыла иалоу атәылақәа аполитикатә рыӡбара аконсолдиациа аҵак хада амоуп. Ари агеополитикатә аӡбароуп, уи Европа аԥеиԥш иадҳәалоуп. Евроеидгыла арҭбаара иаҳа ишәарҭам, иҭышәынтәалоу, аҿиара змоу Европахь мҩа заҵәык ауп, ари алшара ацәыӡра зин ҳамаӡам”, – иҳәеит Науседа.

Естониа ахада Алар Карис ишазгәеиҭаз ала, арҭ амшқәа рзы Евроеидгыла аднакыло аӡбара адунеи зегь азы исигналхоит.