Гиа Вольски  - Аганқәа зегьы, Америка ацҳаражәҳәаҩгьы, иазҧхьагәарҭароуп Қырҭтәыла зыгәрагоу бҕас ишрымоу, ацҳаражәҳәаҩ абри зыгәрагоу абҕа ҧызҵәаша аҳәамҭақәа рыҟаҵара лыхәҭам 
Гиа Вольски  - Аганқәа зегьы, Америка ацҳаражәҳәаҩгьы, иазҧхьагәарҭароуп Қырҭтәыла зыгәрагоу бҕас ишрымоу, ацҳаражәҳәаҩ абри зыгәрагоу абҕа ҧызҵәаша аҳәамҭақәа рыҟаҵара лыхәҭам 

«Аганқәа зегьы, Америка ацҳаражәҳәаҩгьы, иазҧхьагәарҭароуп Қырҭтәыла зыгәрагоу бҕас ишрымоу, ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан абри зыгәрагоу абҕа ҧызҵәаша аҳәамҭақәа рыҟаҵара лыхәҭам», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла  Гиа Вольски.

Иара иажәақәа рыла,  аҳәамҭақәак ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа  ирнаалом.

«Арадикалтә  аҳәамҭақәагьы иҟоу, Америка ацҳаражәҳәарҭеи ацҳаражәҳәаҩи рҟынтә иҳаҳауа аҳәамҭақәа ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирнаалом. Уажәааны имҩаҧгаз арратә азыҟаҵарақәа лабҿаба иҳдырбеит апринциптә ҟазшьа змоу азҵаарақәа рҿы Америкеи Қырҭтәылеи реиҩызара шыҕәҕәоу. Сара џьоукы рфырхаҵара салацәажәом, аха,  жәларбжьаратәи атерроризми еиҿкаау ацәгьауреи аҿагылара амзызла америкауаа рыцхрааразы Қырҭтәыла ахылҵ рацәа ацәыӡит.  Ҳара уи ҳхамшҭроуп, уи аадыруазароуп.   Аганқәа зегьы, Америка ацҳаражәҳәаҩгьы, иазҧхьагәарҭароуп Қырҭтәыла зыгәрагоу бҕас ишрымоу, ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан  абри зыгәрагоу абҕа ҧызҵәаша аҳәамҭақәа рыҟаҵара лыхәҭам.  Ажәалатәи аполемикагьы аанарҧшуам ҳаиҳабыра рхаан Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика хырхарҭас иамоу», — иҳәеит  Гиа Вольски.