Германтәыла Бундестаг ахантәаҩы – Германтәыла Қырҭтәыла евроинтеграциа иадгылоит

20:35, 10.07.2023

Германтәыла Бундестаг ахантәаҩы Бербель Бас ишылҳәаз ала,  Германтәыла Қырҭтәыла  евроинтеграциа иадгылоит.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии лареи аҳәамҭақәа аныҟарҵоз  Бербель Бас ишылҳәаз ала, Германтәылеи Қырҭтәылеи  аусхкқәа рацәа рҿы апартниортә еизыҟазаашьақәа рымоуп, апарламентқәагьы қәҿиарала аус еицыруеит.

«Ҳтәылақәа аусхкқәа рацәа рҿы апартниортә еизыҟазаашақәа рымоуп, ҳпарламентқәагьы қәҿиарала аус еицыруеит. Еиуеиҧшым апроектқәа еицынаҳагӡоит.  Урыстәыла Украинаҿ имҩаҧнаго аибашьра Қырҭтәылазы анырра ду амоуп, уигьы свизит амзызқәа иреиуп.  Қырҭтәыла ибзиаӡаны ирдыруеит урыстәылатәи агрессиа закәу. Уаҵәы сара административтә цәаҳәашҟа сдәықәлоит», — илҳәеит  Бербель Бас.

Иара убас, лара ишылҳәаз ала,  «Праид – фестиваль» амҩаҧгара аҧырхагахара афакт аиҵара рзинқәеи аизара ахақәиҭреи еиланагоит.

«Ҵыҧх Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы аперспектива аиуит. Хаҭала, сара сзы уи аҵакы ду аман.  Қырҭтәыла ауааҧсыра европауаас рхы рыҧхьаӡоит, уи даараӡа исгәаҧхоит, аха, «Праид – фестиваль» амҩаҧгара аҧырхагахара афакт аиҵара рзинқәеи аизара ахақәиҭреи еиланагоит, ари афакт бзиам,  избанзар абарҭ азинқәка европатәи апринципқәа ирыҵанакәеит. Егьырҭ аиҧыларақәа раан ари азҵаара сазыхынҳәуеит, аха, Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟасҵоит ареформақәа рымҩаҧгара нарыгӡарц.  Германтәыла ахьӡала ишәасҳәоит Германтәыла Қырҭтәыла евроинтеграциа ишадгыло», — илҳәеит  Бербель Бас.

 

Еиԥшу