Германтәыла азакәанҧҵаратә аизара Хыхьтәи апалата Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам тәылақәас азханаҵеит
Германтәыла азакәанҧҵаратә аизара Хыхьтәи апалата Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам тәылақәас азханаҵеит

Германтәыла азакәанҧҵаратә аизара Хыхьтәи апалата Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам тәылақәас азханаҵеит. Ари аӡбара инақәыршәаны,  Германтәыла аиҳабыра, зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа ртәылауаа  ахыҵакырҭа рыҭара иазкны иаларҵо арзаҳалқәа иаҳа ирласны рыхәаҧшреи мап зцәыркуа ауааҧсыра ирласны адепортациа рзуреи рылшоит.

Азакәан ҿыц амч аиуеит атәыла ахада инапаҵаҩра ашьҭахь.

Уаанӡа, Германтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Ненси Фезер ишылҳәаз ала, Қырҭтәылеи Молдовеи Евроеидгыла иалалар рҭахуп, арҭ атәылақәа ртәылауаа аполитикатә ашьаҭала ирышьҭацалом. Лара лажәақәа рыла, азакәан ҿыц абзоурала, атәылаҿы азакәандаратә миграциа еиҵартәыр рылшоит.

Ненси Фезер  ишазгәалҭаз ала, Германтәылаҿ ахыҵакырҭазы мап зцәыркыз ауааҧсыра рҟынтә   10% Қырҭтәылеи Молдовеи ртәылауаа роуп.