Германтәыла атәылахьчара аминистр  - Урыстәылеи НАТОи рыбжьара аибашьра иалагар ауеит  2029 шықәсазы
 Германтәыла атәылахьчара аминистр  - Урыстәылеи НАТОи рыбжьара аибашьра иалагар ауеит  2029 шықәсазы

Германтәыла атәылахьчара аминистр  иҳәамҭала,  Урыстәылеи НАТОи рыбжьара аибашьра иалагар ауеит  2029 шықәсазы.

Борис Писториус ари аҳәамҭа ҟаиҵеит германтәылатәи АИХқәа аинтервиу анриҭоз.

«Арратә експертцәеи амаҵзура ҷыдақәеи инақәырҧшны ирҳәар рылшоит Урыстәыла НАТО мрагылратә афлангаҿ тәылак аганахьала ажәылра алшаратәы ахатә мчқәа реиҭашьақәыргылара аналшо. Ҳара еснагь иаҳҳәон  2029 шықәсазы уи ҟалар шалшо, », — иҳәеит  Писториус.

 «Уажәшьҭа лабҿаба иубарҭоуп  Москва — излауа ала гәымбылџьбарала, аимпериалисттә принципқәа рыла еибашьуа аҿагылаҩ ҕәҕәа шакәу, убри аҟынтә, ҳара иаҳа еиҕьны ҳазыҟаҵазароуп», — иҳәеит германтәылатәи аминистр.

Иара иҳәамҭа аҭак алҭеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак. Мариа Захарова илҳәеит: «Уажәшьҭа еилкаауп агрессор дызусҭоу».