Германтәыла Аҧшыхәратә маҵзура хада – Германтәыла Урыстәылаҟны арратә аимак алагалара ашәарҭара иҟоуп

15:07, 05.10.2026

«Германтәыла Урыстәылаҟны арратә аимак аҽалагалара ашәарҭара иҟоуп», — иҳәеит Германтәыла Аҧшыхәратә маҵзура хада анапхгаҩы  Мартин Иегер.

Мартин Иегер игәаанагарала, Германтәыла Европаҿ Урыстәыла агегемониатә амбициақәа рынагӡара иаҧырхагоуп.

«Урыстәылаҟны аиҿагылара иаҳа ишәарҭоу аҟазшьа аиуит. Германтәыла Урыстәылаҟны арратә аимак аҽалагалара ақәшәар ауеит. Уи убарҭоуп Леипциг аганахьала имҩаҧгаз ажәылара алагьы. Уажәазы Германтәылазы Урыстәыла еиҧш ишәарҭоу даҽа тәылак иҟам. Урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа рпофессионализм ҳаракуп, гәымбылџьбарала аус руеит. Гемантәыла иҟоу аобиектқәа ржәылара аганахьала ареалтә шәарҭара иҟоуп. Ҳара уи ҳаҿагылароуп», — иҳәеит Мартин Иегер.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла анапхгара наҟ-наҟ Берлини егьырҭ европатәи аҳҭнықалақьқәеи рҿы Москва иаҿагыло аполитикатә аӡбарақәа рыдрымкылалар ауп ирҭаху.

Еиԥшу