Georgian Airways — Авиаеилахәыра аӡбара аднакылеит европатәи ахырхарҭақәа зегьы рыла, аҳҭнықалақьқәа зегьы рахь, раҧхьа иргыланы Бриуссельҟа ареисқәа рхыҧхьаӡара ацҵаразы
Georgian Airways — Авиаеилахәыра аӡбара аднакылеит европатәи ахырхарҭақәа зегьы рыла, аҳҭнықалақьқәа зегьы рахь, раҧхьа иргыланы Бриуссельҟа ареисқәа рхыҧхьаӡара ацҵаразы

«Авиаеилахәыра аӡбара аднакылеит европатәи ахырхарҭақәа зегьы рыла, аҳҭнықалақьқәа зегьы рахь, раҧхьа иргыланы Бриуссельҟа ареисқәа рхыҧхьаӡара ацҵаразы», — иануп  Georgia Airways адырраҿы.

Иара убас, адырра ишану ала, сынтәатәи ашықәс анҵәамҭа инаркны,  Georgian Airways Дубаиҟа аҧырра иалагоит, анеҩстәи ашықәс мшаҧы инаркны  — Китаиҟа, уи адагьы, индиатәи ахырхарҭақәагьы ирылацәажәоит.

«Georgian Airways адирекциа, Ҭамаз Гаиашвилигьы данрылаҵаны, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара иақәгәырҕьоит. Ари ахҭыс инамаданы, авиаеилахәыра атәылазы астратегиатә ҵакы змоу аӡбара аднакылеит европатәи ахырхарҭақәа зегьы рыла ареисқәа рхыҧхьаӡара излауа ала аизырҳаразы, раҧхьа иргыланы, Бриуссельҟа ареисқәа. Сынтәа имаҷымкәа ахырхарҭа ҿыцқәа рыла аҧырра ҳалагеит, аха,  Georgian Airways апассаџьырцәа иднардырыр аҭахуп иааиуа ашықәс инаркны есымчыбжь Европаҟа иҵегьы  60 реисқәа шымҩаҧнаго.

Иара убас,  сынтәатәи ашықәс анҵәамҭа инаркны,  Georgian Airways Дубаиҟа аҧырра иалагоит, анеҩстәи ашықәс мшаҧы инаркны  — Китаиҟа (Пекин, Шанхаи, Ченду).   Абарҭ ахырхарҭақәа рыла мчыбжьыкахь 3 реиск иреиҵамкәа имҩаҧгахоит. Иара убас, индиатәи ахырхарҭақәагьы – Делии Мумбаи ҳрылацәажәоит», — иануп  Georgia Airways адырраҿы.