Гал ақалақь аҟны имҩаҧысуеит аинцидентқәа раҧырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа реиҧылара
Гал ақалақь аҟны имҩаҧысуеит аинцидентқәа раҧырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа реиҧылара

Гал ақалақь аҟны имҩаҧысуеит аинцидентқәа раҧырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа реиҧылара. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧаҩ, Кахабер Қемоклиӡе ажурналистцәа излараиҳәаз ала, иахьатәи аиҧылара аан иазааҭгылоит Аҧсны абахҭақәа рҿы изакәанымкәа иҭаку  Қырҭәтыла атәылауаа рызҵаара. Арҭ ауаа роуп аби аҧеи Рогаваа, Гьаргь Лукава, Манучар Жваниа уҳәа уб.егь.

Қемоклиӡе ишазгәеиҽҭаз ала, Гьаргь Гиунашвили ихақәиҭтәра аилацәажәарақәа ирыбзоураны ҟалеит, абаандаҩцәа рыҧсахра аҭыҧ амаӡамызт.

Иахьатәи аиҧылараҿ иқәдыргылоит Гига Оҭхозориа ишьҩы, Рашид Канџьыоҕлы иаанкылара азҵаара. Иара убас иахәаҧшуеит дефакто анапхгара хаҭарнакцәа имаҩҧырго изакәаным абордеризациа азҵаара.

Кахабер Қемоклиӡе идыррақәа рыла, Аҧсны абахҭақәа рҟынтә ақырҭуаа баандаҩцәа рхақәиҭтәра иазкны аилацәажәарақәа мҩаҧысуеит.