Габон атерриториатә аӡқәа рҟынтә хҩык амшынуаа имҵадырсит, урҭ иреиуп ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа
Габон атерриториатә аӡқәа рҟынтә хҩык амшынуаа имҵадырсит, урҭ иреиуп ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа, – аарыцҳаит Амшынтә транспорт агентра аҟынтә.
„Аладатәи Африка иҟоу Қырҭтәыла аконсулра аҟынтә иҳауз адыррақәа рыла, лаҵара 2, уахынла, Габон атерриториатә аӡқәа рҟынтә хҩык амшынуаа имҵадырсит, урҭ иреиуп ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа. Аӷбаҿ иаанхаз атәылауаа рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам.
Қырҭтәыла Аекономикеи ишьақәгылоу аҿиареи рминистрра иаҵанакәа Амшынтә транспорт агентреи Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи ҳамшынуаа рхақәиҭтәразы ирылшо зегь ҟарҵоит.
Агентра ахаҭарнакцәа ҳтәылауаа рҭаацәарақәа адырра рырҭахьеит.
Ақырҭуа амшынуаа ршәарҭадаразы, адетальқәа рыларҵәареи ридентификациатә дыррақәа раларҵәареи рҟынтә шәҽаанышәҟыларц ҳшәыҳәоит”, – иануп агентра аҳәамҭа аҿы.