Атҟәараҟынтә зхы иақәиҭхаз ақырҭуа амшынуаа аҧсадгьылахь ихынҳәит
Атҟәараҟынтә зхы иақәиҭхаз ақырҭуа амшынуаа аҧсадгьылахь ихынҳәит

Атҟәараҟынтә зхы иақәиҭхаз ақырҭуа амшынуаа аҧсадгьылахь ихынҳәит.

Амшынуааи рҭаацәарақәа рылахәылацәеи ирҧылеит Аҷара аиҳабыра рхантәаҩы Ҭорнике Рижваӡеи Амшынтә транспорт агентра анапхгаҩы Алеқси Ахвледиании.

«Атҟәараҟынтә зхы иақәиҭхаз ақырҭуа амшынуаа аҧсадгьылахь ихынҳәит. Аҧсадгьылахь ахынҳәра рыдысныҳәалоит. Аиҳабыра атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы амшынуаа реиҷаҳара нарыгӡоит. Амшынтә усхкы ақәҿиара ду амазарц азыҳәан иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит», — иҳәеит Ҭорнике Рижваӡе амшынуаа данырҧылоз.

Лаҵара 2 рзы, апиратца, Габон аҵакырадгьылтә ӡқәа рҿы игылаз аҕбантә  имҵадырсит  акаҧдан ицхырааҩцәа  Нукри Бериӡеи Геннади Ҷитаӡеи. Лаҵара 21 рзы   Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амшынуаа рхақәиҭтәра иазку аинформациа аланарҵәеит.