Гьаргь Вашаӡе – Михаил Саакашвили еснагь  «Амилаҭтә ҵысра» арныҟәгага хадас дыҟан, дагьаанхоит
Гьаргь Вашаӡе – Михаил Саакашвили еснагь  «Амилаҭтә ҵысра» арныҟәгага хадас дыҟан, дагьаанхоит

«Миша еснагь  «Амилаҭтә ҵысра» арныҟәгага хадас дыҟан, дагьаанхоит», — иҳәеит  «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡе.

Гьаргь Вашаӡе уажәааны Гиги Угулава иҟаиҵаз аҳәамҭа иазкны иазҵааит. Угулава иҳәамҭала, «Ника Гварамиа  «Амилаҭтә ҵысра» арныҟәага хадас дыҟан, Саакашвили абра даныҟамызгьы».

««Амилаҭтә ҵысра» арныҟәгага хадас дыҟан, дагьаанхоит Михаил Саакашвили.  Ауаа уи рбоит.  «Амилаҭтә ҵысреи» ҳареи ахырхарҭа ҳаҧсахит,  ауаа аполитикашҟа иҳархынҳәит.  Иахьа ауаа, зеиҧшҟамлац ала,   аиҭакрақәа рымҩаҧгара иазыхиоуп, аиҭакрақәа раамҭа ааит.  «Амилаҭтә ҵысреи» ҳареи ауаа ринтересқәа рыхьчараҿы ахадаратә ахәмарҩцәа ҳакәхоит. Сара иаартны ишәасҳәоит,  арныҟәгага хадас дыҟан дагьаанхоит Миша», — иҳәеит Гьаргь Вашаӡе.