Гьаргь Вашаӡе  - Америка ацҳаражәҳәарҭа арратә база иадҳәаланы акгьы зышьақәнарҕәҕәомызт, избанзар, уи Қырҭтәыла иҟоу адипломатиатә хаҭарнакроуп
Гьаргь Вашаӡе  - Америка ацҳаражәҳәарҭа арратә база иадҳәаланы акгьы зышьақәнарҕәҕәомызт, избанзар, уи Қырҭтәыла иҟоу адипломатиатә хаҭарнакроуп

«Америка ацҳаражәҳәарҭа арратә база иадҳәаланы акгьы зышьақәнарҕәҕәомызт, избанзар, уи Қырҭтәыла иҟоу адипломатиатә хаҭарнакроуп», — иҳәеит  «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡе Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа данахцәажәоз. Ари аҳәамҭа инақәыршәаны, Америка Қырҭтәыла аднамгалацт атәылаҿы арратә база аргылара.

Иара убас, Вашаӡе ишиҳәаз ала,  Қырҭтәыла НАТО иалалаанӡа, америкатә арратә хаҭарнакра, иҵабыргны, Қырҭтәыла ашәарҭадара еиқәнаршәоит, уи Қырҭтәыла аинтересқәа ирыҵанакуеит.

«Сара сҳәамҭаҿы ҳаамҭазтәи абџьар ҳаҭареи арратә усеицура ҷыдеи ауп сызлацәажәоз. Насгьы, иацы Ҭемур Иакобашвили Американтә ишьақәирҕәҕәеит араҟа раҧхьатәи ахаҭарнакра ҳшалацәажәо, уи ала иазҧхьагәаҭоуп америкатә арратә база аргылара.  Ари атемазы қәырҧшык ҟаҵан ҳәа сҳәеит. Еиҭасҳәар сҭахуп, иаҳҳәап, Аладатәи Кореиа ашәарҭадара еиқәнаршәоит америкатә арратә база.  НАТО иалам Иапониагьы ашәарҭадара еиқәнаршәоит америкатә арратә база.   Ҳара НАТО ҳалалаанӡа, америкатә арратә хаҭарнакра хымҧада ҳтәыла ашәарҭадара еиқәнаршәоит.  Уи Қырҭтәыла аинтересқәа ирыҵанакуеит. Сшәазҵаар сҭахуп,  Кобахиӡеи, Мдинараӡеи,  Калаӡеи еицҿакны изырҳәои америкатә арратә база ҳшәарҭадара еиқәнаршәом ҳәа.  Америкатә арратә базақәа гылоуп  80 ҳәынҭқаррақәа рҿы, урҭ реиҳара НАТО иалам, аха, ршәарҭадара ихьчоуп  арратә усеицура иазкны Америкеи дареи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыла.  Урыстәыла, игәаҕьны  Қырҭтәыла иажәымлароуп, уи Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа ирыҵанакуеит. Нас, сшәазҵаар сҭахуп, Қырҭтәыла америкатә арратә база иҟамзарц зҭахыда? Урыстәылоуп уи зҭаху», — иҳәеит Гьаргь Вашаӡе.