Гьаргь Тҟемалаӡе Қарҭ авице-ахада иҭыҧ ааникылоит, ҧаса иара ақалақьтә аизара (Сакребуло) дахантәаҩын. Қарҭ ахада Каха Калаӡе ари атәы ааицҳаит аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы. Каха Калаӡе Гьаргь Тҟемалаӡе иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит. Иара убас, ҧасатәи авице-ахада Иракли Хмалаӡе имҩаҧигаз аусуразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
«Иракли Хмалаӡе имҩаҧигаз аусуразы ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Ҳара 2017 шықәса инаркны аус еицаауеит. Иара уажәгьы хара дцом — аиустициа аминистр ихаҭыҧуаҩс дҟалоит. Аиустициа аминистрреи ҳареи акрызҵазкәа апроект еицымҩаҧаагоит — асистематә регистрациа. Агәра ганы сыҟоуп Иракли уаагьы қәҿиарала аус шиуа», — иҳәеит Калаӡе.