Гьаргь Ҷалаӡе  - Бриуссели Қырҭтәылеи   реиҳабырақәа реиҿцәажәара иалҵшәаны,  амедицинатә комиссиа алахәылацәа Саакашвили дырбарцаз Қырҭтәыла иаҭааит
Гьаргь Ҷалаӡе  - Бриуссели Қырҭтәылеи   реиҳабырақәа реиҿцәажәара иалҵшәаны,  амедицинатә комиссиа алахәылацәа Саакашвили дырбарцаз Қырҭтәыла иаҭааит

«Бриуссели Қырҭтәылеи   реиҳабырақәа реиҿцәажәара иалҵшәаны,  амедицинатә комиссиа алахәылацәа Саакашвили дырбарцаз Қырҭтәыла иаҭааит», — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Гьаргь Ҷалаӡе.

Иара иажәақәа рыла, акомиссиа иалоуп еиуеиҧшым апрофильқәа рҳақьымцәа. Ҷалаӡе ажурналстцәа ишреиҳәаз ала, амиссиа алҵшәақәа аргама ицәырыргом.

«Иахьа шьыжьымҭан, Бриуссели Қырҭтәылеи   реиҳабырақәа реиҿцәажәара иалҵшәаны, аӡбара рыдыркылеит.  Ари аиҿцәажәара мариамызт, уи Бриуссели Қарҭи рыбжьара иҳаракӡоу аҩаӡараҟны имҩаҧысуан. Ари апроцесс активла иалахәын Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакреи Польша ацҳаражәҳәарҭеи. Амедицинатә комиссиа иалоуп адунеи иреиҕьу аҳақьымцәа, дара Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа аҭҵааразы иаҭаху ахархәагақәа зегьы рымоуп.  Аҳақьымцәа Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы иаҭаху аматериалқәеи аинформациеи роуаанӡа, амиссиа нагӡахоит.  Акомиссиа алҵшәақәа аргама ицәырыргом», — иҳәеит Гьаргь Ҷалаӡе.