Гьаргь Квирикашвили ихәыз азакәанхьчаҩ дидҵаалеит
Гьаргь Квирикашвили ихәыз азакәанхьчаҩ дидҵаалеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Квирикашвили, Абер Габриел салос имҩаҿ имҩаҧысыз аоперациа ҷыда аан ихәыз азакәанхьчаҩ дидҵаалеит.

Аҧыза-министр ицын Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гьаргь Гахариеи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аихабы Вахтанг Гомелаурии.

Қарҭ, Абер Габриел салос имҩаҿ имҩаҧысыз аоперациа ҷыда аан Аҳәынҭқарратә  шәарҭадаратә мазҵура ҩыџьа ахаҭарнакцәеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азкра ҷыдақәа рдепартамент ҩыџьа ахаҭарнакцәа ахәрақәа роуит.

Аҳәанҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла, аоперациа ҷыда ихыркәшан асааҭ 18:00 рзы.