Гьаргь Киртаӡе иҳәамҭала, иара иқәлара еиҿнакааит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура
Гьаргь Киртаӡе иҳәамҭала, иара иқәлара еиҿнакааит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура

Еилкаам ауаҩҧсы  иахьа акәтаҕьқәа згәыдиҵаз «Амилаҭтә ҵысра» баҭымтәи аиҿкаара анапхгаҩы  Гьаргь Киртаӡе иҳәамҭала,  иара иқәлара еиҿнакааит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

«Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуроуп уи еиҿызкааз, мамзар, ари ауаҩы акәтаҕьқәа иџьыба иҭаҵаны дныҟәоума? Изакәызаалак мзызк иҟамкәа ахьымӡҕ сдыргеит, ажурналист ахьымӡҕ идыргеит. Иааиз азинхьчаҩцәа рахь апретензиақәа сымам, аха, аусеилыргара сақәгәыҕуам», — иҳәеит  Гьаргь  Киртаӡе.

Киртаӡе ари афакт иадҳәаланы аполициа адҵаалара игәы иҭоуп, аха, ишиҳәаз ала, аусеилыргара мҩаҧгахап ҳәа дгәыҕуам.

Аинцидент ҟалеит Баҭым, Вахтанг Горгасали имҩаҿы. Идырым ахаҿы Гьаргь Киртаӡе акәтаҕьқәа игәыдиҵан, анеҩс, дара аицәҳареи аисреи иалагеит.