Гьаргь Какауриӡе - Украина ишьақәнаргылаз асанкциақәа жәларбжьратәи асанкциақәа ракәӡам
«Украина ишьақәнаргылаз асанкциақәа жәларбжьратәи асанкциақәа ракәӡам», — иҳәеит Қырҭтәыла афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Гьаргьы Какауриӡе.
Какауриӡе иҳәамҭала, Georgian Airways иеиҧшу аилахәыра иазышьақәыргылоу асанкциақәа атәыла абиуџьети аекономикеи ҧырхага ду азааргом.
«Украина ала аилахәыра Georgian Airways асанкциақәа азышьақәыргылара иаанагом ари аилахәыра жәларбжьаратәи асанкциақәа адкьыслоит ҳәа. Жәларбжьаратәи асанкциақәа рышьақәыргылара апроцесс ахатә процедурақәа амоуп. Georgian Airways Евроеидгылеи Америкеи Британиа Дуи ишьақәдыргылаз асанкциақәа еиланамгар, асанкциатә сиа иалалом. Украина асанкциақәа – Евроеидгыла асанкциақәа ракәӡам», — иҳәеит Какауриӡе.