Гьаргь Ҵереҭели иҳәамҭала, Сачхереи Онии еимыздо амҩаҿ аргыларатә усурақәа рымҩаҧгара иадҳәаланы, ашәарҭадаратә нормақәа зегьы иазҧхьагәаҭан
Гьаргь Ҵереҭели иҳәамҭала, Сачхереи Онии еимыздо амҩаҿ аргыларатә усурақәа рымҩаҧгара иадҳәаланы, ашәарҭадаратә нормақәа зегьы иазҧхьагәаҭан

Автомобилтә мҩақәа рдепартамент ахантәаҩы  Гьаргь Ҵереҭели иҳәамҭала, Сачхереи Онии еимыздо амҩаҿ  адгьылҳәазараан аӡәгьы акгьы имыхьит,  аргыларатә усурақәа рымҩаҧгара иадҳәаланы, ашәарҭадаратә нормақәа зегьы иазҧхьагәаҭан.

„Сачхереи Онии еимыздо амҩаҿ адларатә шьақәыргыламҭа ҿыц аргыларатә усурақәа мҩаҧысуеит. Уаәжазы аҭӡамци ацҳаи рыргылара иаҿуп.  Ҭыҧқәак рҿы амҩа ҭшәоуп, уаҟа амашьына заҵәык  аиҭаҵра алшон. Ҳара аханатәгьы ашәарҭадаратә нормақәа зегьы иазҧхьагәаҳҭеит. Аиҭаҵра шәарҭамзарц азыҳәан абуфертә зона иҟоуп.   Адгьылҳәазараан аӡәгьы акгьы имыхьит,  аргыларатә усурақәа инагӡоит. Уажәазы атранспорттә хархәагақәа абжьааҧнытә режимла еиҭаҵуеит“, – иҳәеит Гьаргь Ҵереҭели.