Гьаргь Амилахвари Оливер Варҳеи диҧылеит
Гьаргь Амилахвари Оливер Варҳеи диҧылеит

Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Гьаргь Амилахвари, Бриуссель ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Арҭбаареи агәыларатә политикеи рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи диҧылеит.  Дара аҵара еиуеиҧшым аҩазарақәа рҿы   инагӡо апроектқәа ирылацәажәеит.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, иреиҳаӡоу аҵара аусхкы аҿы зымҩаҧгара ргәы иҭоу аиҭакрақәеи апрограмма  Erasmus аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура арҭбаареи иазааҭгылеит.  Гьаргь Амилахвари иаҵшьны иазгәеиҭеит ақырҭуа студентцәа  рыдгылара иазку аинициативақәа шырҭбаатәу, уи абзоурала, ақырҭуа аҿар европатәи астудентцәа рхы иадырхәо аҭагылазаашьақәа рхархәара рылшоит.

Еврокомиссар  Оливер Вархеи ақырҭуа министр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аусеицура ҕәҕәа азыҳәан, иара  ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи асистема Евроеидгыла азакәанҧҵара азааигәахара иацхрааша азеиҧш аҵаратә проектқәа дрыдгылоит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рминистрра.