Гьаргь Амилахвари  ENQA алахәылацәа есышықәсатәи жәларбжьаратәи рфорум ихы алаирхәит
Гьаргь Амилахвари  ENQA алахәылацәа есышықәсатәи жәларбжьаратәи рфорум ихы алаирхәит

Аҵара ахаҭабзиара арҿиара амилаҭтә центр аиҿкаарала, мшаҧы 19- 21 рзы Қарҭ имҩаҧысуеит Иреиҳаӡоу аҵара ахаҭабзиара аиқәыршәара европатәи ассоциациа  –  ENQA – алахәылацәа есышықәсатәи жәларбжьаратәи рфорум, уи далахәып Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Гьаргь Амилахвари.

Гьаргь Амилахвари афорум алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылан, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи афорум амҩаҧгара аҵакы далацәажәеит.

„Европатәи ҳхырхарҭа ҧсахшьа амам. Иахьатәи афорумгьы ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәыла аҵаратә қәыҧшылара  европатәи аҵаратә ҭаацәара ду ишалахәы. Ари афорум Қарҭ раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит.  Иахьа абра иаҳҭоуп Евроеидгыла атәылақәа зегьы рҟынтә ахаҭабзиара арҿиара агентрақәа рнапхгаҩцәа. Евроеидгыла атәылақәа рҿы иҟоу аҧышәеи апрактикеи ҳтәылаҿгьы аларҵәара шаҳҭаша ҳалацәажәоит. Иара убас, иахьазы Қырҭтәыла аҵаратә сектораҿы иҟоу ақәҿиарақәеи аҳасабтәқәеи ҳарзааҭгылоит“, – иҳәеит Гьаргь Амилахвари.

Афорум рхы аладырхәоит 32 европатәи атәылақәа рхаҭарнакцәа. Ахаҭабзиара аиқәыршәара агентрақәеи,  Европа Ахаҭабзиара аиқәырәшара агентрақәа рреестри  (EQAR), Европатәи ауниверситетқәа рассоциациеи,  Европатәи астудентцәа рассоциациеи, Болониатәи апроцесс аусуратә гәыҧ анапхгаҩцәеи аусзуҩцәеи еврвопатәи ақәыҧшылараҿ  иреиҳаӡоу аҵара аполитикеи иреиҳаӡоу аҵара ахаҭабзиара аиқәыршәареи иадҳәалоу актуалтә зҵаарақәеи атенденциақәеи ирылацәажәоит.