Гьаргь Амилахвари – Азеиҧш аҵара амилаҭтә хықәкқәа хымҧада иҧсахтәуп, избанзар, дара ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи аҵара астандартқәа ирышьашәалам
«Апрактикала иуҳәозар, акыршықәса раҧхьа ирыдыркылаз адокумент хада — азеиҧш аҵара амилаҭтә хықәкқәа хымҧада иҧсахтәуп, избанзар, уи ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи аҵара астандартқәа ирышьашәалам», — иҳәеит Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Гьаргь Амилахвари Қырҭтәыла Актәи аканал апрограмма «Аӡбара» аҿы.
«Иара убас, ари адокумент, ҳҳәынҭқарра шьаҭас иамоу апринципқәагьы ирышьашәаламзар ҟалап», — иҳәеит Амилахвари.
Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр ишазгәеиҭаз ала, аминистрра еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла активла аус ауеит, еиуеиҧшым азҵаарақәа рылацәажәара иазыхиоуп, арҭ азҵаарақәа иреиуп: азеиҧш аҵара амилаҭтә хықәкқәа; ахәыҷбаҳчақәеи ашколнӡатәи аҵареи; ашколи азеиҧш аҵареи; ашколтә автономиа; Амилаҭтә аҵаратә план; ахәшьараҭара асистема; ашколқәа равторизациа; ашколтә уаажәларра адгылара; арҵаҩи иусуреи, афинанстәи асоциалтәи ҭагылазаашьақәа; акариератә азҳара асхема; ашколқәеи ашколтә крыфареи аҧара азоушьҭра; аҵара аполитика апланшьҭыхра; аҵаратә ресурсқәеи арҵагашәҟәқәа реиқәыршәара апроцесси; азанааҭтә аҵараҿы ахәаҧшыра ҿыцқәа; иреиҳаӡоу аҵареи аҵарадырреи.